Италиатәии испаниатәии аклубқәа рацәа рменеџьерцәа  Евро-2023 ахәаҧшразы Қырҭтәыла иаҭаауеит
Италиатәии испаниатәии аклубқәа рацәа рменеџьерцәа  Евро-2023 ахәаҧшразы Қырҭтәыла иаҭаауеит

 

Гьаргь  Мамардашвилии Хвичи Кварацхелиеи ртрансферқәа  рыбзоурала ақырҭуа ашьапылампылахь хшыҩзышьҭа акырӡа иазҳаит. Қырҭтәыла Актәи аканал иеиҭаз аинтервиу аҿы ари атәы ааицҳаит аменеџьер Леван Сетуриӡе.

«Кварацхелиеи  Мамардашвилии  топ-лигақәа рҿы ибзианы ихәмаруеит, уи абзоурала,  европатәи атранфертә џьармыкьаҿ ақырҭуа ашьапылампылахь хшыҩзышьҭра азҳаит», — иҳәеит  Леван Сетуриӡе.

Ақырҭуа менеџьер иҳәамҭала,  ҳаҧхьаҟа,  Европа аҿартә чемпионат ахәаҧшразы Қырҭтәыла иаҭаауеит иреиҕьу италаиатәии испаниатәии аклубқәа рхаҭарнакцәа.

«Қырҭтәыла имҩаҧысуеит  Евро-2023,  шаҟаҩы аменеџьерцәа иаауа жәбап. Ишыздыруа ала,  асериа А иаҵанакәа  10-15 клубқәа рдиректорцәеи рменеџьерцәа ҳҭаауеит. Иара убас,  испаниатәи  Ла Лига аклубқәа рхаҭарнакцәагьы ҳҭаауеит», — иҳәеит ақырҭуа менеџьер.

УЕФА аӡбарала,  2023 шықәсазы Европа 24-тәи аҿартә чемпионат мҩаҧысуеит 2 тәылак рҿы  —  Қырҭтәылеи Румынтәылеи.