Италиатәи Альпқәа рҿы асыҧса алеира иахҟьаны хәҩык Германиатәи ашьханыҟәаҩцәа ҭахеит
Италиатәи Альпқәа рҿы асыҧса алеира иахҟьаны хәҩык Германиатәи ашьханыҟәаҩцәа ҭахеит. Reuters адыррақәа рыла, ашьханыҟәаҩцәа асабшаҽны Сольда ақыҭа азааигәара иҟоу ашьха Сима Вертана ахаларазы идәықәлеит. Аинформациатә хархәагақәа изларҳәо ала, асыҧса леит дара ашьха ахықәцәахь ианхалоз.
Асабшаз аиқәырхаҩцәа ҩыџьа ахацәеи ԥҳәыски рыԥсыбаҩқәа рыԥшааит, амҽышаз даҽа ҩыџьа иҧсны ирбеит – хаҵаки 17 шықәса зхыҵуаз иҧҳаи.
Аинформациатә хархәагақәа изларҳәо ала, урҭ ирыцыз егьырҭ ҩыџьа ашьханыҟәаҩцәа акгьы рмыхьит.