Италиатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Олаф Шольц Украина аҭынчра ашьақәыргылара аплан ҿыц аиқәыршәара даҿуп, ари аплан инақәыршәаны, украинатәи аҵакырадгьылқәа рыхәҭак Урыстәыла иаҭатәуп  
Италиатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Олаф Шольц Украина аҭынчра ашьақәыргылара аплан ҿыц аиқәыршәара даҿуп, ари аплан инақәыршәаны, украинатәи аҵакырадгьылқәа рыхәҭак Урыстәыла иаҭатәуп  

 

Италиатәи агазеҭ  La Repubblica адыррақәа рыла, Германтәыла аканцлер  Олаф Шольц  Украина аимак аҭыҧәҵара аплан ҿыц аиқәыршәара даҿуп.  Адырра инақәыршәаны, Шольц иплан «Минсктәи аиқәшаҳаҭра ҿыцқәа» иреиҧшхар ҟалап, уи инақәыршәаны, украинатәи аҵакырадгьылқәа рыхәҭак Урыстәыла  иарҭароуп.

Италиатәи аҭыжьымҭа ишану ала, арегионалтәи европатәи алхрақәа рҿы аҵахара ашьҭахь, Германтәыла аканцлер Украина азҵаарала ихатә позициақәа ирҕәҕәар иҭахуп.

Уаанӡа, ателеинтервиу аҿы Шольц ишиҳәаз ала, Украина аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵара иаамҭоуп. Иара иажәақәа рыла, Украинаҿ акризис аҭыҧқәҵаразы, Урыстәыла аҽалархәрала асаммит ҿыц мҩаҧгатәуп.

Иҳаҧсыз амчыбжь азы Шольц иҧылаз Украина ахада Владимир Зеленскигьы иҳәеит аплан ҿыц аиқәыршәара дшаҿу. Иара иажәақәа рыла, ари аплан Америка ахада Баидени апрезиденттә алхрақәа рҿы акандидатцәа  — Дональда Трампи Камала Харриси ирызцәыригоит.