Испаниа имҩаҧысуа иформалым аминистериалаҿ Евроеидгыла алахәылацәа  36 ҳәынҭқарра рҟнынӡа арҭбааразы аҽазыҟаҵара  алшара иалацәажәоит
Испаниа имҩаҧысуа иформалым аминистериалаҿ Евроеидгыла алахәылацәа  36 ҳәынҭқарра рҟнынӡа арҭбааразы аҽазыҟаҵара  алшара иалацәажәоит

Испаниатәи ақалақь Мурсиа еизаз  Евроеидгыла алахәылацәа  36 ҳәынҭқарра рҟнынӡа арҭбааразы аҽазыҟаҵара  алшара иалацәажәоит. Ари аинформациа иануп  Евроеидгыла Ахеилак аҿы Испаниа ахантәаҩра адаҟьаҿы.

Аларҵәара зауз аинформациала, цәыббра  28-29 рзы иформалым аминистериалаҿ, Евроеидгыла арҭбаареи астратегиатә автономиеи азҵаарақәа ирылацәажәоит. Ишазгәаҭоу ала, ахадаратә ҵакы амазаауеит   36 алахәылацәа рыла Евроеидгыла аиҿкааразы аҩныҵҟатәи аҽазыҟаҵара азҵаара.

Иара убас , акандидат астатус змоу аҳәынҭқаррақәа иаҳа ишрыцхрааша иалацәажәоит.

Ишазгәаҭоу ала, еидҳәалоу абарҭ 2 зҵаарак  рышьаҭала, Евроеидгыла астратегиатә усхәаҧштә ҿыц еиқәдыршәоит, уи шьақәдырҕәҕәоит  2024 шықәсазы, Евроеидгыла Ахеилак аҿы Бельгиа ахантәаҩраан.