Испаниа аӡхыҵраан иҭахаз ауаа рхыԥхьаӡара 205-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Испаниа аӡхыҵраан иҭахаз ауаа рхыԥхьаӡара 205-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Испаниа аӡхыҵраан иҭахаз ауаа рхыԥхьаӡара 205-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Зегь реиҳа ирацәаны ауаа ҭахеит Валенсиаҿ – 202-ҩык, ҩыџьа – Кастилиа-Ла-Манчаҿ, аӡәы- Андалусиаҿ.

Аиқәырхаратә гәыԥқәа аԥшааратә усурақәа нарыгӡоит. Аруаа аԥсабаратә рыцҳараан аԥхасҭа зауз аҵакырадгьыл арыцқьара рхы аладырхәоит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, арҭ амшқәа рзы амш еиҭах цәгьахоит.