Иракли Қарселаӡе Уефа аделегациа алахәылацәа дырԥылеит
Иракли Қарселаӡе Уефа аделегациа алахәылацәа дырԥылеит

Арегионтә аҿиареи аинфраструктуреи рминистр Иракли Қарселаӡеи, Қырҭтәыла ашьапылампыл азы афедерациа ахада Леван Кобиашвилии Европатәи ашьапылампыл азы аиҿкаарақәа реидгыла (UEFA) аделегациа алахәылацәа дырԥылеит. Аиԥылараҿ 21 шықәсанӡа аизгақәа рзы Европатәи ачемпионат амҩаԥгаразы аҽазыҟаҵара апроцесс иахцәажәеит.

Ачемпионат Қырҭтәыла сынтәа ашәара 21 инаркны ԥхынгәы 8-нӡа мҩаԥгахоит.

Иракли Қарселаӡе аиԥылара алахәылацәа  Амуниципалтә аҿиара афонд Қарҭи, Қәҭешьи, Ҵҟалтубои, Қобулеҭи, Баҭыми имҩаԥнаго аусурақәа рпрогресс иазкны адетальтә информациа риҭеит.

Арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит Қәҭешь, Рамаз Шенгелиа ихьӡ зху астадиони, Қарҭ, Борис Паиҷаӡе ихьӡ зху астадиони, Михеил Месхи ихьӡ зху Локомотив астадиони, ДавидПетриашвилии Басеи рыхьҿ зху астадионқәеи рҿы.