Иракли Қарселаӡе Лондон, Аӡытә ресурсқәа адунеизегьтәи асаммит аҿы дықәгылеит
Аӡытә ресурсқәа адунеизегьтәи асаммит (THE GLOBAL WATER SUMMIT 2024) Британиа Ду аҳҭнықалақь Лондон аҟны мҩаԥган, асаммит ихы алаирхәит Қырҭтәылa Иракли ҚарселаӡеАрегионaлтә ҿиaреи aинфрaструқтуреи рминистр Иракли Қарселаӡе.
Аминистр аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла имҩаԥгаз ӡыла еиқәыршәаратә проектқәеи урҭ рылҵшәақәеи дрыхцәажәеит.
Аминистр иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи жәеиза шықәса ирылагӡаны, аӡыла инеизакны еиқәыршәан 163 000 гектар аҟынӡа. 2025 шықәса анҵәамҭанӡа ақалақьқәа зегьы уахгьы-ҽынгьы аӡыла еиқәыршәазаауеит.
Аӡытә ресурсқәа адунеихегьтәи асаммит (THE GLOBAL WATER SUMMIT) хықәкыс амоуп асектор алидерцәа реидкылара аӡытә ресурсқәа рхархәара ахырхарҭаҿ иҟоу ауадаҩрақәеи ахырхарҭа аҿиара азҵаарақәеи рыхцәажәаразы. Асаммит рхы аладырхәит 80 тәыла рҟынтә 900-ҩык иреиҳаны аделегатцәа.