Иракли Қадагишвили иажәақәа рыла, Давиҭ Арахамиа иҟаиҵаз аҳәамҭа Украинеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа ирҧырхагоуп
Фактла иуҳәозар, Арахамиа даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит аибашьра апартиа «Амилаҭтә ҵысреи» Украина анапхгараҿы иҟоу абри аҩызаҵәҟьа ахәҭеи рыбжьара координаторс дшыҟоу, иҵабыргны иуҳәозар, иара Қырҭтәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа рҿы аибарххара аизырҳара ауп дзызҿлымҳау, – иҳәеит апроцедуратә зҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Иракли Қадагишвили.
Украина Иреиҳаӡоу Радаҿы афракциа «Ажәлар рмаҵзуҩы» ахантәаҩы Давиҭ Арахамиа ишиҳәаз ала, ақырҭуа аиҳабыратә делегациа Буча ақалақь аҿы рпатретқәа рырхырц азы Украинаҟа инеизшәа угәы иаанагаратәы иҟан.
Қадагишвили иажәақәа рыла, абри аҩыза аҳәамҭақәа ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа ирҧырхагоуп.
«Қырҭтәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа ҧхасҭахар, Урыстәыла мацароуп хырҳагара зауа. Абри ауп Арахамиа иҳәамҭа зызку. Убри алагьы иубарҭоуп Арахамиеи аибашьра апартиа «Амилаҭтә ҵысреи» ирылшо ала Қырҭтәыла ахьӡ ладырҟәыр шырҭаху, атәыла аинтересқәа шатәарымбо, аилаҩынтәра еиҿкааны амчра ргар шырҭаху. Аха, ари ахықәкы рзынагӡом», — иҳәеит Қадагишвили.