Иракли Оқруашвили аа-мза аҭакра иқәырҵеит, иара убас ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧ аанкылара азин имам
Қарҭ ақалақьтә аӡбара, апарламенттә аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳәара анамгӡаразы, Атәылахьчара ԥасатәи аминистр Иракли Оқруашвили аа-мза аҭакра иқәнаҵеит.
Иара убас, иара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧқәа раанкылара азин имам.
Ари ақәҵара рылеиҳәеит Қарҭ ақалақьтә аӡбара аӡбаҩ Ҭамар Мҷедлишвили.
Ника Гварамиа аӡбаратә процессаҿ дыҟамызт.