Иракли Кобахиӡе  - Жәлар рыхьчаҩ иалхра апроцессаҿ аоппозициаа аҧыжәара рыҭара ҳазыхиоуп
Иракли Кобахиӡе  - Жәлар рыхьчаҩ иалхра апроцессаҿ аоппозициаа аҧыжәара рыҭара ҳазыхиоуп

«Жәлар рыхьчаҩ иалхра апроцессаҿ аоппозициаа аҧыжәара рыҭара ҳазыхиоуп, аха, дара иашьашәалоу акритериқәа рхы иадырхәароуп, ҳадгылаҩцәа аргама ирацәҳауаз Бурџьанаӡеи Абашиӡеи    кандидатцәас иқәыдмыргылароуп, — иҳәеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе.

Ираклий Кобахиӡе иҳәамҭала,  Бурџьанаӡеи Абашиӡеи амитингқәа раан иаартны ажәлар ирыбжьаргон  атәыла анапхгара иқәыргарц, Жәлар рыхьчаҩ иҭыҧ азы абри аҩыза акандидатцәа рықәыргылара иахәҭам.

«Аконституциа ишану ала, Жәлар рыхьчаҩ иалхразы  90ҩык адепутатцәа рбыжьқәа аҭахуп. Апарламент аиҳара акандидат дыргәаҧхароуп, избанзар, абарҭ  90 абыжьқәа рҟынтәи  83 ҳара иаҳтәуп. Аиҳарагьы аоппозициаагьы иргәаҧхо акандидат дҟалар, ҳәарада, адекваттә азнеишьа ҳамазаауеит», — иҳәеит  Кобахиӡе.