Иракли Кобахиӡе – Украина анапхгара ҧасатәи ма уажәтәи ачынуаа Мраҭашәара гәыбҕан аҭара рыхәҭам ҳәа сгәы иаанагоит
Иракли Кобахиӡе – Украина анапхгара ҧасатәи ма уажәтәи ачынуаа Мраҭашәара гәыбҕан аҭара рыхәҭам ҳәа сгәы иаанагоит

«Украина анапхгара ҧасатәи ма уажәтәи ачынуаа Мраҭашәара гәыбҕан аҭара рыхәҭам ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе Украина ахада иадминистрациа ҧасатәи абжьагаҩ Алеқсеи Арестович иҟаиҵаз аҳәамҭа иазкны иазҵааит. Арестович иҳәеит: «Украина аполитикатә амҩаҿахҵәа иҭагылоуп,  Урыстәыла аиааира агарц азыҳәан, Китаи аҳәатәы ханамҵарц азыҳәан Мраҭашәара хәҭак ҳадгьылқәеи ҳшьеи рыла ахәаахәҭра иазыхиоуп, ари аибашьраҿы ачарҳәара ҳзыруит».

Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала,  аҵыхәтәантәи аамҭазы Украина ҧасатәии уажәтәии ачынуаа  Мраҭашәара иаҿагыланы аҳәамҭақәа  рыҟаҵара иалагеит.

«Украина анапхгара ҧасатәи ма уажәтәи ачынуаа Мраҭашәара гәыбҕан аҭара рыхәҭам ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳәарада, иарбанзаалак аиҳабыра, аӡбара анрыдыркыло, аҭакҧхықәра рхы иадырҵоит, ҷыдала, аибашьра аанкылара ма анагӡаразы аӡбара анрыдыркыло. Ҳара абри аполемика ҳҽалаагалом.   Уи украинатәи ачынуааи Мраҭашәареи ирусуп», — иҳәеит  Кобахиӡе.