Иракли Кобахиӡе  -  Қырҭтәыла акандидат астатус анаиулак ашьҭахь мызкы  иахымгакәа, апарламент закәан аднакылоит   2024 шықәса инаркны алхрақәа зегьы апропорциатә системала ишымҩаҧысуа азы,   2%-тәи абариер ала

«Ҧхынгәы азы, Қырҭтәыла акандидат астатус анаиулак ашьҭахь мызкы  иахымгакәа, апарламент закәан аднакылоит   2024 шықәса инаркны алхрақәа зегьы апропорциатә системала ишымҩаҧысуа азы,   2%-тәи абариер ала», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе.

«Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Қырҭтәыла акандидат астатус анаиулак атәылаҿы аполиаризциа шмаҷхо, анеҩс, 2024 шықәсазы,  2%-тәи  алхратә бариер ала апропорциатә системашҟа аиасра абзоурала, атәылаҿы аоптималтә политикатә ҭагылазаашьа еиқәыршәазаауеит.

Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп  2024 шықәсазы Амилаҭтә ҵысра ҳшыриааиуа, уи ҳтәыла аҭынчратә, адемократиатә, иҭышәынтәалоу аҿиаразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп», — иҳәеит  Кобахиӡе.