Иракли Кобахиӡе  - Карл Ҳарцель  Евроеидгылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рҿы цәгьарамзар акгьы ҟаимҵеит, ацҳаражәҳәаҩ ҿыц ҽакала аус иуп ҳәа ҳгәыҕуеит
Иракли Кобахиӡе  - Карл Ҳарцель  Евроеидгылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рҿы цәгьарамзар акгьы ҟаимҵеит, ацҳаражәҳәаҩ ҿыц ҽакала аус иуп ҳәа ҳгәыҕуеит

«Рыцҳарас иҟалаз, Карл Харцель  Евроеидгылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рҿы цәгьарамзар акгьы ҟаимҵеит», — иҳәеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгаҩы  Иракли Кобахиӡе Карл Ҳарцель Қырҭтәыла иусура данахцәажәоз.

Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, ацҳаражәҳәаҩ ҿыц ҽакала аус иуп ҳәа дгәыҕуеит.

«Иара Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа ахьынӡанаигӡоз, еиуеиҧшым амзызқәа рымшала, насгьы Евроеидгылашҟа азыҳәамҭа ахьыҟаҳҵаз аҟынтә, иара ихцәажәара ҳҭахымызт.  Аха, иахьа, имиссиа хыркәшәоуп, убри аҟынтә, аргама иҳҳәар ҳалшоит Карл Ҳарцель Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рҿы цәгьарамзар акгьы шыҟамцаз. Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц ҽакала аус иуп ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит  Кобахиӡе.