Иракли Кобахиӡе  Ильҳам Алиев  диҧылеит
Иракли Кобахиӡе  Ильҳам Алиев  диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев диҧылеит. 

Загулба аханаҿ имҩаҧгаз ишиашо  аиҧылараҿы алидерцәа иаҵшьны иазгәарҭеит ҩ-тәылак рстратегиатә партниорра аҩаӡара ҳараки, иара убас, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла, ҷыдала ахәаахәҭра-економикатә усхкы аҿы аусеицура ҕәҕәеи.  

Аҧыза-министр Азербаиџьантәи ареспублика ахада  ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.  

Иаҵшьны иазгәаҭан арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара аҵакы.  Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла, наҟ-наҟгьы ари апроцесс ацхраара ишазыхиоу. 

Ишиашо аиҧылараҿы, алидерцәа, зымҽхак дуу азеиҧш арегионалтә проектқәеи ҳаҧхьаҟа аусеицура иаҳа арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит, ари аганахьала ҷыдала иалкаан атранспорти аенергетикеи аусхкқәа. 

Ишиашо аиҧылара ашьҭахь, Азербаиџьантәи ареспублика ахада, Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩи аделегациа алахәылацәеи аофициалтә шьыбжьхьаҿы идикылеит.