Иракли Кобахиӡе Аҧшыхәратә маҵзура аусуҩцәа аиҳаб ҿыц Иракли Бераиа рыдигылеит
Иракли Кобахиӡе Аҧшыхәратә маҵзура аусуҩцәа аиҳаб ҿыц Иракли Бераиа рыдигылеит

Аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Аҧшыхәратә маҵзура аусуҩцәа аиҳаб ҿыц Иракли Бераиа рыдигылеит.

Мшаԥы 5 рзы Иракли Бераиа Қырҭтәыла Аҧшыхәратә маҵзура аиҳабыс дҟаҵан.

Уаанӡа Иракли Бераиа Қырҭтәыла апарламентаҿ Атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы акомитет дахантәаҩын. Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Ареформақәеи аҿиареи рзы адепартамент адиректорс дыҟан, иара убас, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациа-аналитикатә  департамент дахагылан.