Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Таџьи4истан аԥыза-министр Кохир Расулзода диԥылеит. Хаҭалатәи аиԥылараҿы Қырҭтәыла аԥыза-министр Ҭаџьиқстанҟа иофициалтә визит иамоу аҵакы ҷыда азгәаҭан. Аганқәа ари раԥхьатәи иреиҳау аҩаӡара змоу аҭаара аҩганктәи аизыҟазаашьақәа ҩаӡара ҿыцк ахь инаганы, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура арҵаулара иацҵаны ацхыраара анаҭоит ҳәа агәыӷра шрымоу рҳәеит. Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи ганрацәалатәи аформатқәеи рыҩныҵҟа акоординациа арӷәӷәара ахшыҩзышьҭра аҭан.
Хаҭалатәи аиԥылара ашьҭахь, аҩ-ҳәынҭқаррак рылахәылацәа алархәны, инарҭбаау аформат ала аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит.
Таџьикистан аԥыза-министр Қырҭтәыла аԥыза-министр иҭаара аҭоурыхтә ҵакы амоуп ҳәа азгәеиҭеит, Қырҭтәылеи ҳареи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара дшазхиоу даҽазныкгьы ишьақәирӷәӷәеит.
Қырҭтәыла аҳәынҭқарра ахада раԥхьаӡа акәны Таџьи4истан даҭааит, насгьы агәра ганы сыҟоуп ҳаизыҟазаашьақәа рҭоурых аҿы даара акрызҵазкуа ахы ҿыцны ишыҩхо. Ҳқырҭуа ҩызцәа аҭҵаарадырреи, агәабзиарахьчареи, аргыларақәеи, архитектуреи рҿы иҟарҵаз алагала ҳҭоурых аҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит. ҩганктәи аусеицура ахырхарҭақәа зегьы рҿы ампульс аиура», – ҳәа иазгәеиҭеит Кохир Расулзода.
Қырҭтәыла аԥыза-министр ҭаџьиктәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аделегациа аҩаӡара ҳаракы ахьрыдыркылаз азы.
Ҳжәларқәеи ҳтәылақәеи ҳҭоурыхтә традициақәеи аиҩызареи рыла еидҳәалоуп. Амилаҭтә интересқәа рзы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә еизааигәареи ҳаҭыр ахьрықәырҵо азы, уи ҳара ҳзы ҷыдала аҵак ду амоуп, ҳәа иазгәеиҭеит Иракли Кобахиӡе.
Аиԥылара аихшьаалақәа рыла, Қырҭтәылеи Ареспублика Ҭаџьи4истан еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵан. Аҩ-ҳәынҭқаррак рԥыза-министрцәа анапаҵыҩра ацеремониа иалахәын.