Иракли Кобахиӡе Баҭым ареконструкциа ззыруз „Афырхацәа раллеиа“ ибеит
Иракли Кобахиӡе Баҭым ареконструкциа ззыруз „Афырхацәа раллеиа“ ибеит

Аҧхынтәи атуристтә сезон азы Баҭым аҧсшьаратә қәыҧшылара ҿыц ацлеит  – Жиули Шартава ихьӡ зху Афырхацәа раллеиа арҽеиреи ашьапылацҳақәа рыргылареи хыркәшоуп.   

Иахьа Баҭым иҟаз Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе инагӡоу аусурақәа ибеит. Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡе аиҳабыра  рнапхгаҩы ари апроект иазкны изеиҭеиҳәеит.  Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, адгьылаҵантәи акоммуникациақәа зегьы иҧсахуп, арҧссаратә система еиҿкаауп, ашьапылатә мҩахәасҭақәеи, акоммерциатәи аҧсшьаратәи қәыҧшыларақәеи, аӡыршәқәеи, амаланыҟәаргыларҭақәеи еиқәыршәоуп, еиуеиҧшым адекоративтә арлашагақәа шьақәыргылоуп. 

Аллеиаҿ адендрологиа иҧсахны идырҿыцит  арегион аҳауатә ҭагылазаашьақәа инрықәыршәаны иалхыз  еиуеиҧшым ахкқәа ирыҵанакәа  12 000  аҵиаақәа рыла.  Иара убас, аллеиа еиуеиҧшым ахәҭақәа еимыздо, аихатә конструкциа змоу ашьапылацҳақәа хҧа рыргылара хыркәшоуп. Зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рзы ацҳақәа рҿы алифтқәа иҟоуп. 

Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иаҵанакәа Амуниципалтә аҿиара афонд инанагӡаз „Афырхацәа раллеиа“ аиҭашьақәыргылара апроект аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә иазоужьҭын 25.4 миллион лари.