Иракли Каркашаӡе - Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәаза арежим ҷыдаҿ аусура нанагӡоит
«Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәаза арежим ҷыдаҿ аусура нанагӡоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа реидгыла адиректор Иракли Каркашаӡе.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа реидгылеи Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза агәыҧи роперативла аусура иалаган, аҧсабаратә рыцҳара амшала Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәаза иаиуз аҧхасҭа ирласны арҽеира рылшеит.
Ақәоурацәа амшала аҳаирбаҕәаза аусура аанкылан. Уажәазы аҭыҧаҿ аус руеит Самхараули ихьӡ зху аекспертиза амилаҭтә биуро ахаҭарнакцәа, дара аҳаирбаҕәазаҿы аҭагылазаашьа гәарҭоит.
Ареисқәа мҩаҧысуеит абжьааҧнытә режимаҿ.