Иракли Ҕарибашвилии Естониа ахадеи Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс иалацәажәеит 
Иракли Ҕарибашвилии Естониа ахадеи Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс иалацәажәеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Естониа ахада Алар Карис диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесси, иара убас,  − Қырҭтәылеи Естониеи акыршықәсатәи русеицура иаҵанакәа азҵаарақәа рацәеи ирылацәажәеит.

Евроинтеграциа апроцесс ианалацәажәоз Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, атәылазы зҵакы дуу аамҭазы, Қырҭтәыла, Естониантә адгылара иақәгәыҕуеит.  Иара евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла аиҳабыра иҟарҵаз ашьаҿақәа дрылацәажәеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, атәыла аиҳабыра, 12 абжьагарақәа рынагӡаразы иаарту, аинклиузивтә процесс еиқәдыршәеит. Абжьагарақәа аус рыдулара апроцесс аҵыхәанӡа инеихьеит, Қырҭтәыла ари апроцесс нанагӡоит Венециатәи акомиссиеи европатәи апартниорцәеи рҟны еиқәшаҳаҭны.

Иракли Ҕарибашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит Естониа алагала ду шыҟанаҵаз ақырҭуа институтқәа европатәи астандартқәа рзааигәатәра апроцесс аҿы, иара убри азыҳәан Алан Карис ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаареи рырҕәҕәареи иазыхиоуп. Иара убас, дара, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура адинамика бзиа иазааҭгылеит.

Аиҧылара алахәылацәа импыҵахалоу арегионқәа рҿы аҭагылазаашьагьы иалацәажәеит.  Иракли Ҕарибашвили Алар Карис ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭәтыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рформатаҿ ҩ-тәылак қәҿиарала русеицура аҵакы.