Иракли Ҕарибашвили – Украина имҩаҧысуа аибашьра - ихьанҭаӡоу проблемоуп, уи хшыҩкрала ҳазнеироуп, ҳара раҧхьатәи амш инаркны аполитика иаша мҩаҧаагон
«Ҳара ҳазынтәгьы иуадаҩӡоу аамҭа ҳҭагылан. Аиҳабыра, апарламент, уҳәа, ауаажәлар зегьы ари апроцесс анапхгараҭара иалахәын. Иахьазы ҳтәыла ари апроцесс қәҿиарала иахысит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит», — иҳәеит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили шықәсыктәи аҳасабырба анцәыригоз.
Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, европатәи аконтинент зегьы зеиҧшҟамлац акризис иҭагылоу, Украина имҩаҧысуа аибашьра – адунеи азы ихьанҭаӡоу проблемоуп.
«Раҧхьа иргыланы, арегион аҿы аҭагылазаашьа сахцәажәар сҭахуп. Европатәи аконтинент зегьы зеиҧшҟамлац акризис иҭагылоу, Украина имҩаҧысуа аибашьра – ҳазынтәгьы ҳзы ихьанҭаӡоу проблемоуп. Ари аибашьра европатәи аконтинент мацараз акәымкәа, ҳрегион азгьы, ҳтәылазгьы, инеизакны адунеитә политиказы анырра ду амоуп. Адунеи зегьы Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь зеиҧшҟамлац акризис ду иҭагылоуп. Ҳара уи ибзианы еилаҳаауеит. Украина имҩаҧысуа аибашьра – ихьанҭаӡоу проблемоуп, уи хшыҩкрала ҳазнеироуп, ҳара раҧхьатәи амш инаркны аполитика иаша мҩаҧаагон, уажәгьы аполитика иаша мҩаҧаагоит. Сара изныкымкәа исҳәахьеит раҧхьа иргыланы ҳтәыла аинтересқәа шыхьчатәу, ҳгәыҧ алахәылацәа зегьы абри апозициа иақәшаҳаҭуп. Абри амотивациеи аидеиа хадеи ауп напхгагас иҳамоу, убри ашьаҭалоуп ҳажәлар ринтересқәа зыхьчаша аполитика шымҩаҧааго», — иҳәеит Ҕарибашвили.
Иара убас, аҧыза-министр аукраин жәлар адгылара рзаарҧшны, аҭынчра рзеиҕьеишьеит.
«Абри аибашьра даараӡа ҳаргәамҵуеит. Даҽазнык ишьақәсырҕәҕәар сҭахуп ҳара аукраин жәлар ҳашрыдгыло, ирласӡаны аибашьра ахыркәшареи аҭынчреи рзеиҕьасшьоит. Даҽазнык ишьақәсырҕәҕәоит ҳара Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло, ари аибашьра излауа ала ирласны ихыркәшазароуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.