Иракли Ҕарибашвили – Си Ӡинпини дызхагыло аиҳабыреи ҭабуп ҳәа расҳәоит Шоҭа Русҭавели иҟаиҵаз алагала азхаҵаразы
Ахада Си Ӡинпини дызхагыло аиҳабыреи, Абызшәеи акультуреи Пекинтәи ауниверситет ахаҭарнакцәеи даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәоит Шоҭа Русҭавели адунеитә литератураҿы иҟаиҵаз алагала азхаҵареи ҳҭынхара аӡыргареи азыҳәан, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Абызшәеи акультуреи Пекинтәи ауниверситетаҿ Шоҭа Русҭавели ибиуст аартра ацеремониаҿы.
Аиҳабыра рнапҳгаҩы ишиҳәаз ала, иахьа даҽазнык ишьақәырҕәҕәан Қырҭтәылеи Китаии аиҩызареи акультуратә аиҭныҧсахлареи аидеиа ишазгәыку.
Қырҭтәыла аҧыза-министра иажәақәа рыла, Китаи ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа рхаҭарнакцәа аҵара аусхкы аҿы зҵакы дуу адокумент рнапы аҵарҩит.