Иракли Ҕарибашвили Шови аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧашҟа днеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы аҭыҧаҿ аҭагылазааша гәаҭаны, аиқәырхаратә усурақәеи аҧсабаратә рыцҳара алҵшәақәа раҧыхратә усурақәеи шымҩаҧысуа азы аинформациа иоуит.
Аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ аҧыза-министр ицын апарламент ахантәаҩи, апарламент адепутатцәеи, Шови иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара алҵшәақәа раҧыхра аштаб алахәылацәеи.