Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳраҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳраҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳраҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц  − Николоз Ревазишвили диҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы аҧыза-министр ацҳаражәҳәаҩ ҿыц ари амаҵзураҭыҧ аанкылара идныҳәаланы, наҟ-наҟтәи иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Саудтәи Аравиа аҳраҟны аизыҟазаашьақәа аҵакы ду рымоуп, уажәазы иҟоу адинамика бзиа нагӡахап ҳәа дгәыҕуеит, ари аганахьала ҷыдала иалкаан аинвестициақәеи, ахәаахәҭреи, аекономикеи.

Уажәраанӡа Николоз Ревазишвили, сынтәа цәыббранӡа, Ҟатар аҳәынҭқарраҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан.