Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәылеи Германтәылеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит, ҳтәылақәа партниорцәахеит, Германтәыла Қырҭтәыла иақәгәыҕыр алшоит
«Қырҭтәылеи Германтәылеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит, ҳтәылақәа партниорцәахеит, ахақәиҭреи адемократиеи апринципқәа ҳзеиҧшуп, иаҳзеиҧшу интересқәа ҳамоуп. Германтәыла Қырҭтәыла иақәгәыҕыр алшоит, избанзар ҳара хықәык ҳамоуп — азеиҧш европатәи апринципқәеи аинтересқәеи рыхьчара анагӡара», — иҳәеит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Германтәыла аиҭеидҵара амш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы.
«Аибашьра хьшәашәа инаркны Германтәыла амҩа ду иахысит, усҟан ари атәыла еиҟәшан, уаҟа аиҿагылара иҟан. Германтәыла европатәи атәылақәа рыбжьара аинтеграциа центрс иҟалеит. Уи ҳара ҳзы аҵакы ҷыда амоуп. Германтәыла Қырҭтәылазы иҿырҧшыгоуп, избанзар, 30 шықәса раҧхьа ари атәыла қәҿиарала аҭыҧ иқәнаҵаз апроблемақәа ҳара иахьа иҳамоуп. Германтәыла Евроеидгылаҿ аҧхьагылара змоу атәылақәа иреиуп, избанзар уи ҕәҕәахеит, аполитикатәи, аекономикатәи, афинанстәи ганахьала Европа центрс иҟалеит, уи аконтинент зегьы аҿы аҭынчреи амшхәыбзазареи аиқәыршәара аус аҿы алагала ду ҟанаҵоит. Иахьа, Европа ашәарҭадара ашәарҭара ианҭагыло, жьҭаара 3 аҵакы ҷыда аиуеит», — иҳәеит аҧыза-министр.
Аҧыза-министр иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла Қырҭтәылеи Германтәылеи реизыҟазаашьақәа зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәахеит, иаҳа иҳараку аҩаӡаранӡа ишьҭыҵит.
«Қырҭтәылеи Германтәылеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит, ҳтәылақәа партниорцәахеит. Ахақәиҭреи адемократиеи апринципқәа ҳзеиҧшуп, иаҳзеиҧшу интересқәа ҳамоуп.
Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла Қырҭтәылеи Германтәылеи реизыҟазаашьақәа зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәахеит, иаҳа иҳараку аҩаӡаранӡа ишьҭыҵит. Адипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ашьҭахь, 30 шықәса рыҩныҵҟала ҳтәылақәа рыбжьара ахырхарҭақәа рацәа рыла ихырҳагоу аусеицура шьақәгылеит. Аҿиара иазҿлымҳау, крызҵазкәа апартниор ҳасабала Германтәыла ахә ҳшьоит, уи KfW, GIZ уҳәа, имаҷымкәа афедералтә усбарҭақәа рыла активла иҳацхраауеит ҳтәыла аҿиаразы ахадаратә ҵакы змоу аҧыжәарақәа инрықәыршәаны. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Германтәыла идуӡӡоу атәыла-донорс иаҳзыҟалеит, уи азы ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Агәра ганы сыҟоуп Германтәыла Қырҭтәыла адәныҟатәи априоритетқәа рыдгылара аус аҿы ахатә аҧхьагыларатә роль шынанагӡо. Егьи аганахьала, Германтәылагьы Қырҭтәыла иақәгәыҕыр алшоит, избанзар ҳара хықәык ҳамоуп — азеиҧш европатәи апринципқәеи аинтересқәеи рыхьчара анагӡара, ҳара арегион аҿгьы уи анҭыҵгьы адемократиеи, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи аиқәыршәара аус аҿы алагала аҟаҵара ҳазыхиоуп.», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.