Иракли Ҕарибашвили  Қырҭтәыла амилаҭтә олимпиатә комитет анапхгаҩы Иури Хабелов диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили  Қырҭтәыла амилаҭтә олимпиатә комитет анапхгаҩы Иури Хабелов диҧылеит 

2025 шықәсазы имҩаҧысраны иҟоу  Европа аӡынтәи аҿартә олимпиатә фестиваль азы аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа ирылацәажәеи  аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Қырҭтәыла амилаҭтә олимпиатә комитет анапхгаҩы Иури Хабелови реиҧылараҿы. Аиҧылара мҩаҧган аиҳабыра радминистрациаҿы.

Қырҭтәыла, лымкаала, Бакуриани,  2025 шықәсазы  Европа аӡынтәи аҿартә олимпиатә фестиваль қәҿиарала амҩаҧгара амзызла, иааиуа ашықәс инаркны аконкреттә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара иалагоит, уи азыҳәан инырхуеит  100 миллион лари.

2023-2024 шықәсазы аконкреттә инфраструктуратә обиектқәа дыргылоит, уи абзоурала, ҳаҧхьаҟа, ақырҭуа спортсменцәа, аҳәаанырцә имцакәа, рхатә тәылаҿы  аконкреттә аспортхкқәа рзы рҽазыҟарҵар рылшоит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы  Қырҭтәыла Амилаҭтә олимпиатә комитет анапхгаҩы адгылара ҕәҕәа дақәиргәыҕит.

Аиаҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит авице-аҧыза, акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистр Ҭеа Ҵулукиании, афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии,  аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьанелиӡеи,  акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистр лхаҭыҧуаҩ Иосеб Баҕатуриеи, Қырҭтәыла Амилаҭтә олимпиатә комитет авице-ахада Мамука Хабарелии.