Иракли Ҕарибашвили “Нескра-ГЕС” аинвестор еилахәыра  K-Water анагӡаратә директор диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили “Нескра-ГЕС” аинвестор еилахәыра  K-Water анагӡаратә директор диҧылеит

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили “Нескра-ГЕС” аинвестор еилахәыра  K-Water анагӡаратә директор Џье Ҳион Пак диҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы аенергетикатә проектқәа ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан зырҿыцра ҟало иҭышәынтәалоу аенергохыҵхырҭақәа аинвестициақәа ралаҵара аҵакы.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра аинвесторцәа иманшәалоу аинвестициатә лагылазаара рыдаргалоит.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, амилаҭтә инвестирра аганахьала аҵакы ду амоуп аӡфымцатә станциа дуқәа рыргылараҿы аҳәынҭқарра алахәызаара. Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, “Нескра-Гес” атәыла аекономикатә аҿиареи, аенергошәарҭадареи, аенергохьыҧшымреи азы аҵакы ду амоуп. Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, аӡфымцатә станциа аргылара арццакреи иаамҭаны ахыркәшареи аҵакы ду амоуп.

“Нескра-Гес“ – идуу аинвестициатә проектқәа иреиуп, уи ала иазҧхьагәаҭоуп Шәантәыла арегионаҿ 280 мегаватт амч зауа аӡфымцатә станциа аргылара.

Аиҧылара рхы аладырхәит Кореиатәи ареспублика ацҳаражәҳәарҭа аамҭалатәи ахаҭарнак Им Дон Опи, авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Ромео Миқаутаӡеи.