Иракли Ҕарибашвили Молдова имҩаҧысуа Европатәи аполитикатә аидҵара  аҩбатәи асаммит ихы алаирхәоит
Иракли Ҕарибашвили Молдова имҩаҧысуа Европатәи аполитикатә аидҵара  аҩбатәи асаммит ихы алаирхәоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Молдова имҩаҧысуа Европатәи аполитикатә аидҵара  (EPC) аҩбатәи асаммит ихы алаирхәоит.

Европатәи аполитикатә аидҵара  (EPC) аҩбатәи асаммит Молдова аҳҭнықалақь Кишиниов имҩаҧысуеит  лаҵара 31 – рашәара 1 азы.

Аҧыза-министр асаммит аҿы аишәа гежь аформатаҿ имҩаҧысуа атематикатә дискуссиа ихы алаирхәоит.

Иара убас, асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиҳабыра рнапхгаҩы зыҩаӡара ҳараку ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигоит.

Кишиниовҟа идәықәлаз аҧыза-министр аделегациа ицуп.