Иракли Ҕарибашвили Казахстантәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Николоз Лалиашвили диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили Казахстантәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Николоз Лалиашвили диҧылеит 

 

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Казахстантәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Николоз Лалиашвили диҧылеит. 

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан Қырҭтәылеи Казахстантәи ареспубликеи русеицура ахадаратә хырхарҭақәа ирылацәажәеит.

Иракли Ҕарибашвили Николоз Лалиашвили амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

 Николоз Лалиашвили аҧыза-министр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит агәрагара ду изаарҧшразы. 

Николоз Лалиашвили аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аусура аҧышәа ду имоуп. Еиуеиҧшым аамҭазы аус иуан Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрреи, Амилаҭтә шәарҭадара амаҵзуреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи, Иеиду аенергодистрибуциатә еилахәыреи рҿы. Николоз Лалиашвили Қырҭтәыла апарламент далахәын. Иара убас, еиуеиҧшым аамҭазы астудиа  „Маестро” аполитикатә редакторс аус иуан, ателееилахәыра  ,,Имеди“ агенералтә директор ихаҭыҧуаҩс, нас, агенералтә директорс дыҟан.