Иракли Ҕарибашвили Ирландиаҟа ддәықәлеит
Иракли Ҕарибашвили Ирландиаҟа ддәықәлеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ирландиаҟа ддәықәлеит, иара аделегациагьы ицуп.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Реикиавик имҩаҧысуа Европатәи ахеилак иалоу аҳәынҭқаррақәеи аиҳабырақәа рнапхгаҩцәеи 4-тәи асаммит ихы алаирхәоит.

Иракли Ҕарибашвили асаммит алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылоит.

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  анапхгара ззиуа аделегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.