Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, Европатәи аинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа аилатәара мҩаҧган
Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, Европатәи аинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа аилатәара мҩаҧган

Европатәи аинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа 70-тәи аилатәара мҩаҧган Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аилатәараҿы Қырҭтәыла ареформақәа русхәаҧштә иахәаҧшын,  Еврокомиссиа абжьагарақәа рынагӡара иазку ауснагӡатәқәа рплан шьақәдырҕәҕәеит.

«Аплан аиқәыршәара апроцесс иахылаҧшуан Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи апарламенти. Аплан аиқәыршәара иалахәын иашьашәалоу аусбарҭақәа зегьы. Апланаҿ иарбоуп абжьагарақәа рынагӡаразы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәа,  иара убас, иҳәаақәҵан ари апроцесс азы аҭак зыҧхықәу аусбарҭақәеи аплан анагӡара аҿҳәарақәеи», — иануп Қырҭтәыла аиҳабыра ринформациаҿы.