Иракли Ҕарибашвили – Ҳара Еврокомиссиа аӡбара ҭынч ҳазыҧшыроуп ҳәа сгәы иаанагоит, сара аоптимисттә гәалаҟазаара сымоуп
Иракли Ҕарибашвили – Ҳара Еврокомиссиа аӡбара ҭынч ҳазыҧшыроуп ҳәа сгәы иаанагоит, сара аоптимисттә гәалаҟазаара сымоуп

«Мышқәак раҧхьа Бриуссель сыҟан, иҳаракӡоу аҩаӡараҟны аиҧыларақәа мҩаҧызгеит, ахада Мишели икабинет алахәылацәеи сырҧылеит. Иара убас, акомиссар Варҳели сиҧылеит, ҳара акыраамҭа ҳаицәажәон, алҵшәа бзиа ҳақәгәыҕратәы ҳаҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Қырҭтәыла, ишахәҭоу еиҧш, акандидат астатус аиуроуп.

«Авизитқәа раан ҳҩызцәа инарҭбааны ирзеиҭасҳәеит ҳаиҳабыра имҩаҧыргаз аусура иазкны, Еврокомиссиа арапорт наӡа аҳҭеит.  Ҳара Еврокомиссиа аӡбара ҭынч ҳазыҧшыроуп ҳәа сгәы иаанагоит.  Сара ирасҳәеит уажәазы адунеи зегьы изҭагыло ауадаҩрақәа, Европа имҩаҧысуа ахҭысқәа, Украина имҩаҧысуа арбгаратә еибашьра уҳәа, абри зегьы адунеи аиҿкаашьа аҧсахуеит ҳәа.  Сара ирасҳәеит абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы Қырҭтәыла адхра  Мраҭашәаразы агха духоит ҳәа. Иара убас, сара ҳҩызцәа еилыкка ирасҳәеит  ҳара аполиаризациа аҵыхәҧҵара шаҳҭаху, дара хымҧада акандидат астатус ҳарҭароуп.  Ари азҵаара аспекулиациақәа зхылҵуа амзызқәа иреиуп.  Атәыла абри астатус аиур, аполиаризациа ҩынтә имаҷхоит. Арапорт ҳазыҧшып. Уи аргама ицәырыргом, аха, уезгьы, аинформациа ҳауп ҳәа сгәыҕуеит. Сара аоптимисттә гәалаҟазаара сымоуп», — иҳәеит аҧыза-министр.