Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны Польша ахада еиҿикааз ауснагӡатә ихы алаирхәит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Молдова ахада Маиа Санду длыцны, Ниу-Иорк, ЕАР Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны Польша ахада Анџьеи Дуда еиҿикааз ауснагӡатә ихы алаирхәит. Ауснагӡатә мҩаҧган аустә шьыбжьхьа аформат аҿы.
Аиҧылара аан аганқәа рхаҭарнакцәа Ассоциациатә трио аформати Европатәи Ахеилак аҿы крызҵазкәа атәыла аҳасабала Польша адгылареи аҵакы иалацәажәеит.
Ишазгәаҭаз ала, атәылақәа рыхҧагьы Мрагыларатә партниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны аус еицыруеит, убри аҟынтә, Мрагыларатә партниорра анеҩстәи асаммит аҿы арҭ атәылақәа рроль азгәаҭазароуп.
Аиҧылараҿы аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аҵыхәтәантәи ахықәкы — Европатәи Ахеилак алахәылас аҟалара ауп, убри аҟынтә, европатәи апартниорцәа 2024 шықәсазы атәыла иҟанаҵараны иҟоу азыҳәамҭа иадгылароуп.
Ақырҭуа аган аҟынтә аиҧылара рхы аладырхәит авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании аиҳабыра русмҩаҧгарҭа анапхгаҩы Илиа Дарчиашвилии.