Иракли Ҕарибашвили  Даниа аҧыза-министр  Метте Фредериксен ҭелла длацәажәеит
 Иракли Ҕарибашвили  Даниа аҧыза-министр  Метте Фредериксен ҭелла длацәажәеит

Қырҭтәыла европатәии евроатлантикатәии интеграциеи,  ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәеи, Украина имҩаҧысуа аибашьреи иалацәажәеит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Даниа аҧыза-министр  Метте Фредериксени рҭелтә еиҿцәажәараан.

Аиҳабыра радминистрациа апресс-маҵзура адыррақәа рыла,  Қырҭтәылеи Даниеи рҧыза-министрцәа  Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа ирзааҭгылан,  иаҵшьны иазгәарҭеит аибашьра аҟәыҵразы  аҵакы ду шамоу жәларбжьаратәи ауаажәларра рҽазышәара.

Аиҿцәажәараан иаҵшьны иазгәаҭан европатәии евроатлантикатәии интеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла ақәҿиарақәа. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала,   Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟанаҵеит,  ари апроцесс аҿы апартниорцәа рҟынтә адгылара аҵакы ду амоуп. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  Даниа ари апроцесс аҿы Қырҭтәыла иадгылап ҳәа дгәыҕуеит.

Иракли Ҕарибашвили  Даниа аҭабура азааирҧшит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.