Иракли Ҕарибашвили – Азербаиџьан Қырҭтәылазы акрызҵазкәа агәылеи астратегиатә партниори ауп, ашәышықәсарацәалатәи аиҩызара ашьаҭала ишьақәгылаз ҳаизыҟазаашьақәа иҳаракӡоу аҩаӡаранӡа ишьҭыҵит, ҳара уи ҳгәы аздууп
Иракли Ҕарибашвили – Азербаиџьан Қырҭтәылазы акрызҵазкәа агәылеи астратегиатә партниори ауп, ашәышықәсарацәалатәи аиҩызара ашьаҭала ишьақәгылаз ҳаизыҟазаашьақәа иҳаракӡоу аҩаӡаранӡа ишьҭыҵит, ҳара уи ҳгәы аздууп

 

«Ахада Илҳам Алиев ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп  асас дахь иаҳасабала сааҧхьареи, ари афорум ибзиаӡаны аиҿкаареи, иҧшӡаӡоу ақалақь Бақәа гәыкала сыдкылареи азыҳәан», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Бақәа имҩаҧысуа аекономикатә форум  SPECA аҿы данықәгылоз.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, аекономикатә форум  SPECA  – асектортә усеицуреи арегионаҿ иҭышәынтәалоу аҿиара иазку аинициативеи рзыҳәан ауникалтә платформас иҟалеит.

«Шәызынтәгьы салам шәысҭоит, аешьаратә Азербаиџьан гәахәарала саҭааит Ацентртә Азиа  атәылақәа рекономикақәа ирызку ЕАР апрограмма ҷыда иалахәы аҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәа рсаммит аҽалархәразы. Иахьа абра  еизаз ҳаҭыр зқәу ауаажәларра рҿаҧхьа сықәгылоит асас дахь истатусла. Раҧхьа иргыланы,  ахада Илҳам Алиев ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп  асас дахь иаҳасабала сааҧхьареи, ари афорум ибзиаӡаны аиҿкаареи, иҧшӡаӡоу ақалақь Бақәа гәыкала сыдкылареи азыҳәан.  Иара убас, гәыкала ишәыдысныҳәалоит ари апрограмма  25 шықәсатәи аиубилеи, зыӡбахәы ҳәоу апрограмма асектортә усеицуреи арегионаҿ иҭышәынтәалоу аҿиара иазку аинициативеи рзыҳәан ауникалтә платформас иҟалеит», — иҳәеит Ҕарибашвили.

Иара иажәақәа рыла,  Азербаиџьан Қырҭтәылазы акрызҵазкәа агәылеи астратегиатә партниори ауп.

«Азербаиџьан Қырҭтәылазы акрызҵазкәа агәылеи астратегиатә партниори ауп, ашәышықәсарацәалатәи аиҩызара ашьаҭала ишьақәгылаз ҳаизыҟазаашьақәа иҳаракӡоу аҩаӡаранӡа ишьҭыҵит, ҳара уи ҳгәы аздууп.  Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа!  Ҳаамҭазтәи агеополитикатә контекст  иазҧхьагәаҭаны,  ҳрегион  аҵакы иаҳа ишьҭыҵит, избанзар, уи атранспорт-логистикатә аимадарақәа реиҕьтәра иацхраауа, акрызҵазкәа атранзит-логистикатә центрс иҟалеит.   Мрагылара – Мраҭашәара амаршрутла, Абжьаратә корридорла ахәаахәҭра адиверсификациеи арҭбаареи азҵаара иаҳа-иаҳа аҵакы аиуеит, уи Европеи Азиеи еимыздо уажәтәи амаршрутқәа рзы  аинтерес зҵоу альтернативас иҟалоит. Евразиа аконтинентаҿ  «Абжьаратә корридор» – зегьы реиҳа ирласны, ахә мариала аидара амҩангара злаҟало каналуп. Убри аҟынтә, ҳареи, азербаиџьантәи казахстантәи ҳколлегацәеи,  зыӡбахәы ҳәоу акорридораҿ иҟоу аҧынгылақәа раҧыхразы активла аус еицаауеит,  аинфраструктура аиҕьтәреи, иаҳа ирацәаны аимада амҩангара алшара аизырҳареи, апроцедурақәа рырмариареи, иаку атарифтә система аларҵәареи ахырхарҭала аус аауеит», — иҳәеит аҧыза-министр.