Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьан аҵареи аҵарадырреи рминистр диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьан аҵареи аҵарадырреи рминистр диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантәи ареспублика аҵареи аҵарадырреи рминистр Емин Амрулаев диҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым аусхқәа рҿы, аҵара ахырхарҭалагьы,  аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәа ирзааҭгылеит.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан 2022 шықәсазы атәылақәа ирыбжьарҵаз Аҵареи аҵарадырреи аусхкқәа рҿы аусеицура иазку ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра аҵакы.

Ишазгәаҭаз ала, азеиҧш аҵара аусхкы аҿы қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура иаҳа ирҭбаатәуп. Аиҧылара алахәылацәа иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа, иара убас, азанааҭтә ҵараиурҭақәа рыбжьара ҩ-ганктәии аганрацәалатәии аусеицуреи иалацәажәеит. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, аусеицура аихьӡарақәа иреиуп Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университети, Қырҭтәыла атехникатә университети, Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситети  Азербаиџьан адипломатиатә академиеи ирыбжьарҵаз аусеицура амеморандум.

Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьантәи ареспублика  ацҳаражәҳәаҩ Фаиг Гулиеви, Азербаиџьантәи адипломатиатә академиа аректор Ҳафиз Фашаеви, Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рминистр Гьаргь Амилахварии.