Иракли Ҕарибашвили – Азеиҧш ҽазышәарала ҳпланета аҧеиҧш аиқәыршәара аамҭа ааит
Иракли Ҕарибашвили – Азеиҧш ҽазышәарала ҳпланета аҧеиҧш аиқәыршәара аамҭа ааит

«Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 27-тәи аконференциа  алшара бзиа ҳнаҭоит иазҿлымҳау агыҧқәа рыбжьара аклимат аҽаҧсахра иазку адиалог амҩаҧгаразы», — иҩит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили асоциалтә аҳа «Твиттер» аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Египет ахада аконференциа амҩаҧгаразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

«Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР  27-тәи аконференциа аартра аҽалархәра алшара сеигәырҕьоит.  Египет ахада  Абдель Фаттаха ас-Сиси  ари ауснагӡатә аиҿкааразы ҭабуп ҳәа иасҳәоит.  Ари аконференциа алшара бзиа ҳнаҭоит иазҿлымҳау агыҧқәа рыбжьара аклимат аҽаҧсахра иазку адиалог амҩаҧгаразы. Азеиҧш ҽазышәарала ҳпланета аҧеиҧш аиқәыршәара аамҭа ааит!» — иҩит  Иракли Ҕарибашвили.