Иракли Ҕарибашвили Австриатәии, Чехиатәии, Словакиатәии ареспубликақәа рпарламентқәа рхантәаҩцәа дырҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Австриатәи ареспублика апарламент ахантәаҩы Воьфганг Соботкеи, Чехиатәи ареспублика апарламент ахантәаҩы Маркета Перакова-Адамовеи, Словакиатәи ареспублика апарламент ахантәаҩы Борис Коларси дырҧылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи, Австриатәии, Чехиатәии, Словакиатәи ареспубликақәеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи аусеицуреи иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара инаваргыланы, аҵакы ду амоуп „Славковтәи аформат” алахәылацәа Қырҭтәыла рҭаара афакт, ари авизит адгылара ҕәҕәа аанарҧшуеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, атәылақәа рпрактикатәии рполитикатәии адгылара Қырҭтәыла иацхраауеит Евроеидгыла алалара анеҩстәи аетап аҿы. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла ашықәс анҵәамҭаз акандидат астатус аиура иазыҧшуп, атәыла, инклиузивла, еишьҭаргыланы, иаартны 12 абжьагарақәа нанагӡоит. Иара убас, ишырҳәаз ала, Қырҭтәыла Евроеидгылазы игәрагоу апартниорс, ашәарҭадара азҵаарақәа рҿы адгылаҩс иаанхоит.
Аҧыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла акандидат астатус аиура ахәҭоуп, уи аполиаризациа армаҷуеит, атәыла иҭышәынтәалоу аҿиара иацхраауеит.
Иара убас, аиҧылара алахәылацәа евроатлантикатә интеграциеи Амшын еиқәа ашәарҭадареи иалацәажәеит.
Хшыҩзышьҭра азун импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Австриатәии, Чехиатәии, Словакиатәии ареспубликақәа рпарламентқәа рхантәаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи, азхаҵамра аполитика ақәныҟәареи азыҳәан. Иаҵшьны иазгәаҭан Евроеидгыла анаҧшратә миссиаҿы урҭ иҟарҵо алагала ду.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Австриатәии, Чехиатәии, Словакиатәии ареспубликақәа рпарламентқәа рделегациақәа рылахәылацәеи, Қырҭтәыла иҟоу рыцҳаражәҳәаҩцәеи. Ақырҭуа аган аҟынтә – адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.