Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Австриа ацҳаражәҳәаҩ Томас Мулманн диҧылеит. Ари атәы аарыцҳаит аҧыза-министр ипресс-маҵзура аҟынтә.
Аусбарҭа адырра ала, аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Австриеи рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.
«Аганқәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, аекономикеи, атуризми, ақыҭанхамҩеи, аҵареи, аҧсабарахьчареи аусхкқәа рҿы аусеицуразы иҟоу апотенциал инаӡаны ахархәара иазыхиоуп.
Ишазгәаҭаз ала, ақырҭуа аган австриатәи абизнеси аинвестициақәеи рыдыҧхьалара иазҿлымҳауп. Ҷыдала иалкаан австриатәи аилахәырақәа рылахәызаарала Қырҭтәыла қәҿиарала имҩаҧысуа апроектқәа.
Аиҧылара алахәылацәа COVID-19 иахылҵыз апроблемақәеи апандемиа аҿагылара апроцесси иазааҭгылеит. Аҧыза-министр австриатәи адипломат даҽазнык ҭабуп ҳәа иеиҳәеит авакцина AstraZeneca 5000 адозақәа Қырҭтәылаҟа раагаразы», — аарыцҳаит аҧыза-министр ипресс-маҵзура аҟынтә.