Иракли Ҕарибашвили – Аҩбатәи акварталаз атәым инвестициақәа рхыҧхьаӡара  30 наӡына рыцлеит, аинвесторцәа Қырҭтәыла аҧара аларҵоит, аполитика иаша абзоурала иаҧҵоу алагылазаара агәра ргоит
Иракли Ҕарибашвили – Аҩбатәи акварталаз атәым инвестициақәа рхыҧхьаӡара  30 наӡына рыцлеит, аинвесторцәа Қырҭтәыла аҧара аларҵоит, аполитика иаша абзоурала иаҧҵоу алагылазаара агәра ргоит

Аҩбатәи акварталаз атәым инвестициақәа рхыҧхьаӡара  30 наӡына рыцлеит, атәыла иалаҵоуп  505 миллион адоллар. Зынӡа,  раҧхьатәи фымз рыла,  атәыла иалаҵоуп миллиард адоллар еиҳаны,  ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа  10 наӡынала еиҳауп. 2019 шықәса иаҿаҳарҧшыр,   ари аусхкы аҿы 88 наӡына азҳара ҳамоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла,  уи алагьы иубарҭоуп аиҳабыра имҩаҧырго аполитика иаша абзоурала,  атәылаҿы иманшәалоу алагылазаара шеиқәыршәоу.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала,  атәылақәа инрышәыршәаны,  аҩбатәи акварталаҿ зегьы реиҳа идуу аинвестициа атәыла иалаҵоуп Иеиду Аҳра аҟынтәи,  аинвестициақәа реиҳара атәыла иалагалоуп Европантә.

„Ҵыҧх,  атәым инвестициақәа рганахьала,  арекордттә арбага ҳаман. Ишиашо атәым инвестициақәа рхыҧхьаӡара аҭоурыхтә максимум аҿы иҟан. Ҵыҧх,  атәыла иалагалан 2 миллиард адоллар еиҳаны. Сынтәатәи ашықәсгьы ибзианы иалагеит.  Аҩбатәи акварталаз атәым инвестициақәа рхыҧхьаӡара  30 наӡына рыцлеит,  атәыла иалаҵоуп  505 миллион адоллар. Зынӡа,  раҧхьатәи фымз рыла,  атәыла иалаҵоуп миллиард адоллар еиҳаны ишиашо атәым инвестициа,  ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа  10 наӡынала еиҳауп.  2019 шықәса иаҿаҳарҧшыр,   ари аусхкы аҿы 88 наӡына азҳара ҳамоуп. Ҳәарада, уи даараӡа ҳаигәырҕьоит,  уи алагьы иубарҭоуп ҳаиҳабыра имҩаҧырго аполитика иаша абзоурала,  атәылаҿы иманшәалоу алагылазаара шеиқәыршәоу.  Аинвесторцәа Қырҭтәыла аҧара аларҵоит, аполитика иаша абзоурала иаҧҵоу алагылазаара агәра ргоит, аҭышәынтәалара агәра ргоит, апрогнозҟаҵара алшара агәра ргоит, уи даараӡа ибзиоуп“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.