Иракли Ҕарибашвили – Арчил Ҭатунашвили даҽазнык ҳаҭырла дысгәаласыршәар сҭахуп
«Ҳуааҧсыра рыгәҭа, саргьы даҽазнык Арчил Ҭатунашвили ҳаҭырла дысгәаласыршәар сҭахуп, атәыла анапхгара иаҭаху зегьы ҟарҵоит Арчил Ҭаҭунашвили иҧсра зхароу ауаа зегьы азакәан аҿаҧхьа аҭакҧхықәра рыдҵаразы», — иануп аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭаҿы.
«Иахьа 5 шықәса ҵит ҳаамҭазтәи Қырҭтәыла афырхаҵа Арчил Ҭатунашвили дыҧсижьҭеи. Ифырхаҵареи аҧсадгьыл азгәыкреи ала Арчил, ақырҭуа хаҵа иаҳаҭыри, иҕәҕәареи, ипатриотизми аганахьала игыло абиҧара рзы дҿырҧшыгоуп.
Ҳуааҧсыра рыгәҭа, саргьы даҽазнык Арчил Ҭатунашвили ҳаҭырла дысгәаласыршәар сҭахуп, атәыла анапхгара иаҭаху зегьы ҟарҵоит Арчил Ҭаҭунашвили иҧсра зхароу ауаа зегьы азакәан аҿаҧхьа аҭакҧхықәра рыдҵаразы», — иануп аҧыза-министр иҳәамҭаҿы.