Иракли Ҕарибашвили – Антикоррупциатә биуро аҿы еилоуп акоррупциа апревенциа иазку афункциақәа зегьы
Иракли Ҕарибашвили – Антикоррупциатә биуро аҿы еилоуп акоррупциа апревенциа иазку афункциақәа зегьы

«Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Антикоррупциатә биуро ахьыҧшымра ду ала ишалкаау, афинанстә хьыҧшымра алагьы», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Антикоррупциатә биуро аӡыргараҿ данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла, Антикоррупциатә биуро Қырҭтәыла апарламенти  Аусбарҭабжьаратә антикоррупциатә хеилаки мацара рҿаҧхьа аҭак аҧхықәуп, Антикоррупциатә биуро есышықәса абарҭ аорганқәа аҳасабырба рызцәырнагароуп.

«Абиуро анапхгаҩы далырхуан ихьыҧшым акомиссиа алахәылацәа, ари акомиссиа иалан аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи атәылауаҩратә уаажәларреи ахаҭарнакцәа. Абиуро анапхгаҩы  Ражден Купрашвили  далхын акомиссиа ала иқәыргылаз акандидатцәа рҟынтәи.

Антикоррупциатә биуро аҿы еилоуп акоррупциа апревенциа иазку афункциақәа зегьы. Абиуро аусура ахадаратә хырхарҭақәа иреиуп иашьашәалоу аҳәынҭқарратә усбараҭақәа рҟны акоординациала антикоррупциатә политика аҳәаақәҵара. Абиуро анапы иануп антикоррупциатә политика адокументқәа рынагӡара ахылаҧшреи иашьашәалоу абжьагарақәа рыҟаҵареи.  Абиуро абжьагарақәа – ҳтәыла антикоррупциатә политика амҩаҧгаразы ахадаратә механизмхоит», — иҳәеит аҧыза-министр.