Иракли Ҕарибашвили  Амилаҭтә музеиаҿ ақьырсиантә хазынақәа рзал аартра ихы алаирхәит 
Иракли Ҕарибашвили  Амилаҭтә музеиаҿ ақьырсиантә хазынақәа рзал аартра ихы алаирхәит 

«Иахьа ҳара ааҳартит Қырҭтәыла Ахьтәы фонд Ақьырсиантә хазынақәа рзал. Иахьарнахыс ҳтәылауааи атәым асасцәеи абарҭ ашедеврқәа рбар рылшоит», — иҳәеит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Амилаҭтә музеиаҿ Ақьырсиантә хазынақәа рзал аартра ацеремониаҿы.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, абжьарашәышықәсатәи ақырҭуа ҟазацәа абарҭ аусумҭақәа аҧырҵон  иакымкәа ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа.

«Абарҭ ашедеврқәа ишьақәдырҕәҕәоит Қырҭтәыла ақьырсиантә ҟазареи атрадициақәеи еиҧҟьарада аҿиара ишаҿыз. Ҳтәыла ажәытәӡатә епоха иадҳәалоуп,  убри азоуп ҳтәыла ақьырсиантә дунеиаҿ аҭыҧ ҷыда ззааннакыло.  Абжьарашәышықәсатәи Қырҭтәыла аҭоурых уи аҟазара ианыҧшит», — иҳәеит Ҕарибашвили.