Иракли Ҕарибашвили Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ ицхырааҩ дылҧылеит  
Иракли Ҕарибашвили Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ ицхырааҩ дылҧылеит  

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ ицхырааҩ Ерика Олсон дылҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан ҩ-тәылак рстратегиатә партниорра иалацәажәеит.  Иаҵшьны иазгәаҭан еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҕәҕәара аҵакы.

Иара убас, Иракли Ҕарибашвилии Ерика Олсони арегиони адунеии рҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьа иалацәажәеит. Ари ахырхарҭала иаҵшьны иазгәаҭан аҧыза-министр иаҧшьигаз Аахыҵ Кавказ аҭынчра-аигәыларатә инициатива аҵакы.

Аиҧылара алахәылацәа евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла ақәҿиарақәагьы ирзааҭгылеит.

Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Америка амиссиа анапхгаҩы лхаҭыҧуаҩ Раиан Ҳариси, Қырҭтәыа адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.