Иракли Ҕарибашвили – Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа алахәызаара агәахәара ду снаҭоит
Иракли Ҕарибашвили – Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа алахәызаара агәахәара ду снаҭоит

Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы, Дубаи ақалақьаҿ  имҩаҧысуа Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа алахәызаара агәахәара ду снаҭоит, – иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  „Твиттер“ аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аклимат аҽаҧсахра иахылҵуа алҵшәақәа рырмаҷра аидеиа иазгәыкуп.

„ Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы, Дубаи ақалақьаҿ  имҩаҧысуа Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа алахәызаареи аклимат аҽаҧсахра иахылҵуа алҵшәақәа рырҧсыҽра иадҳәаланы Қырҭтәыла ахәаҧшырақәа раарҧшреи агәахәара ду снаҭоит.

Қырҭтәыла аклимат аҽаҧсахра иахылҵуа алҵшәақәа рырмаҷра аидеиа иазгәыкуп, аҧсабара ибзианы азныҟәара иазку апроектқәа рынагӡара алагьы “, – иҩит аиҳабыра рнапхгаҩы.