Иракли Ҕарибашвили Аклимат аҽаҧсахра  иазку ЕАР 28-тәи аконференциа адунеи алидерцәа рсаммит ихы алаирхәоит 
Иракли Ҕарибашвили Аклимат аҽаҧсахра  иазку ЕАР 28-тәи аконференциа адунеи алидерцәа рсаммит ихы алаирхәоит 

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа адунеи алидерцәа рсаммит ихы алаирхәоит. Ауснагӡатә Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы, Дубаи имҩаҧысуеит. .

Аконференциа ахьымҩаҧысуа Dubai Expo аҿы Қырҭтәыла аҧыза-министри асаммит иалахәы адунеитә лидерцәеи ирҧылеит Иеиду Араҧтәи Емиратқәа ахада, ашеих Моҳамед бин Заиед Аль-Наҳиани ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереши.

Иракли Ҕарибашвили, аделегациа алахәылацәа дрыцны, асаммит аартра ихы алаирхәит.  Асаммит иалахәы алидерцәа рҿаҧхьа асаламтә ажәала иқәгылеит Иеиду Араҧтәи Емиратқәа ахада, ашеих Моҳамед бин Заиед Аль-Наҳиании, ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереши, Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи Иеиду аҳра аҳ Чарльз  III-тәи.