Иракли Чиқовани Украина ахыхьчара азҵаарақәа рзы аимадаратә гәыҧ аилатәара ихы алаирхәит
Иракли Чиқовани Украина ахыхьчара азҵаарақәа рзы аимадаратә гәыҧ аилатәара ихы алаирхәит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани Украина ахыхьчара азҵаарақәа рзы аимадаратә гәыҧ аилатәара ихы алаирхәит. Аилатәара Бельгиа имҩаҧган.

Жәларбжьаратәи гәыҧ 23-тәи аилатәара аадыртит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберги Америка атәылахьчара аминистр  Ллоид Остини.  Аиҧылара рхы аладырхәит Украина иадгыло атәылақәа ртәылахьчара аминистрцәа.

Жәларбжьаратәи гәыҧ алахәылацәа Украина аҭагылазаашьеи ари аибашьраҿы Украина  аколлективтә цхыраара аҭара ахымҧадареи иалацәажәеит.  Украина ахыхьчара азҵаарақәа рзы аимадаратә гәыҧ еиҿкаан 2022 шықәса мшаҧы азы, Америка аинициативала.  Агәыҧ иалоуп  Украина иадгыло  50 ҳәынҭқаррақәа.