Иракли  Чиқовани  Украина атәылахьчара азҵааразы аимадаратә гәыҧ аилатәара далахәын
Иракли  Чиқовани  Украина атәылахьчара азҵааразы аимадаратә гәыҧ аилатәара далахәын

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр аофициалтә визитла Германтәыла дыҟоуп,   уаҟа Украина атәылахьчара азҵааразы аимадаратә гәыҧ  24-тәи аилатәара мҩаҧысит. Ари аинформациа аланарҵәеит Атәылахьчара аминистрра.

Аминистрра адыррала, Рамштаин авиабазаҿ имҩаҧгаз аиҧылара алахәылацәа Украина иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәан,  ишазгәарҭаза ала,  еиқәшаҳаҭны,  Украина арратә цхыраара арҭароуп.

Украина Атәылахьчара аминистрра аимадаратә гәыҧ еиҿкаан  2022 шықәса мшаҧы азы,  Америка аинициативала,  агәыҧ иалоуп Украина иадгыло  50 еиҳаны аҳәынҭқаррақәа.