Иракли Чиқовани  Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Иракли Чиқовани  Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Ашот Смбаниан диҧылеит.

Атәылахьчара аминистрра адыррала,  аганқәа рхаҭарнакцәа атәылақәа рыбжьара аҭоурыхтә аигәыларатә еизыҟазаашьақәеи ажәларқәа реиҩызареи иалацәажәеит.

Атәылахьчара аминистр ашәамахь дипломат диацәажәеит атәылахьчара аусхкы аҿы ҩ-ганктәи усеицура иаҵанакуа азҵаарақәа рзы.   Иаҵшьны иазгәаҭан астратегиатә партниорра иазкны атәылақәа ирыбжьарҵаз адекларациа аҵакы.

Аиҧылара ихы алаирхәит Шәамахьтәылатәи ареспублика арратә атташе, аполковник Месроп Назариан.