Иракли Чиқовани – Ҳтәыла ахыхьчаралшара аизырҳаразы есышықәса иаҳа-иаҳа ирацәаны аҧара инаҳхуеит
Иракли Чиқовани – Ҳтәыла ахыхьчаралшара аизырҳаразы есышықәса иаҳа-иаҳа ирацәаны аҧара инаҳхуеит

Атәыла ахыхьчара абиуџьет  100 миллион рыла аизырҳара даналацәажәоз, Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр ишиҳәаз ала, атәылахьчара аусхкы анапхгаратә гәыҧ рзы аҧыжәара амоуп.

«Ҳтәыла ахыхьчаралшара аизырҳареи Атәылахьчаратә мчқәа амаҵзуҩцәа рсоциалтә ҭагылазаашьақәа реиҕьтәреи азы есышықәса иаҳа-иаҳа ирацәаны аҧара инаҳхуеит», — иҳәеит  Иракли Чиқовани.

Аминистр иҳәамҭала, аресурсқәа реиҳара ахыхьчара алшарақәа реизырҳара иазкуп, аконкреттә хәҭак  – асоциалтә политика иаларҵоит.

«Қырҭтәыла ахыхьчаралшара аизырҳареи ҳсолдаҭцәеи ҳофицарцәеи рсоциалтә ҭагылазаашьа аиҕьтәреи аҵакы еилызкаауа агәыҧ аус рыцура агәахәара ду снаҭоит.  2025 шықәса иадҳәаланы  ажәабжь ҿыцқәа ҟалоит», — иҳәеит  Иракли Чиқовани.