Иракли Бераиа – Урыстәыла ақәыҕәҕәара ирҕәҕәатәуп, ампыҵахалара аҵыхәа ҧҵәатәуп, ақырҭуа дгьыл ахаангьы Урыстәыла иатәхом
«Аҧсны де-факто анапхгара азакәандаратә аӡбара рыдыркылеит, ақырҭуа дгьыл, Пицунда Урыстәылатәи афедерациа арҭарц рыӡбеит, аурыс ампыҵахалаҩцәа аннексиатә шьаҿақәа рыҟаҵара нарыгӡоит», — иҩит атәылахьчареи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Иракли Бераиа.
«Жәларбжьаратәи ауаажәларра иаҳа иҕәҕәаны Урыстәыла иақәыҕәҕәароуп, Урыстәыла ари аҵакырадгьыл иалҵроуп. Ампыҵахалара аҵыхәа ҧҵәатәуп. Ақырҭуа дгьылқәа ахаангьы Урыстәыла иатәхом», — иҩит Бераиа.
Иахьа шьыжьымҭан Аҧсны де-факто апарламент, изаамҭаным аилатәараҿы, ишьақәнарҕәҕәеит урыстәыла-аҧснытәи аиқәшаҳаҭра, уи инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә ҧсшьарҭаҭыҧ Пицунда Урыстәыла аҭара иақәшаҳаҭхеит.